Союз Журналистов Республики Абхазия > Новости > Лаврентии Гәбаз ииубилеи идныҳәалара

Лаврентии Гәбаз ииубилеи идныҳәалара


14.01.2022

Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла 70 шықәса ихыҵра аиубилеи идырныҳәалоит Аҧсныи Урыстәылеи ржурналисттә еиҿкаарақәа рлахәыла, Гәдауҭатәи араионтә газеҭ “Бзыҧ”аредактор Лаврентии Гәбаз.

Лавренти Шьакьыр-иҧа Гәбаз акьыҧхь аҟны аус иуеижьҭеи 45 шықәса инреиҳаны иҵуеит. 1976 шықәса рзы аусура далагеит агазеҭ “Бзыҧ” акорресподент-аиҭагаҩ иаҳасаб ала. Анаҩс уи еиуеиҧшым ашықәсқәа рзы аус иуан агазеҭ аҟәша аиҳабыс, нас аредактор ихаҭыҧуаҩыс. Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан арратә корреспондентс дыҟан, изныкымкәа афронт ацәаҳәа иаҵанакуаз аҭыҧқәа дырҭаахьан. Уи инапхгарала аибашьра аамҭазы иара убас иҭыҵуан «Боевой листок», «Информационныи биуллитен», ацхыраара ҟаиҵон агазеҭқәа «Маржэ» «Аублаа» рҭыжьра азырхиараҿы.

1997 шықәса индыркны ҩынтә далырххьан Гәдауҭа араион жәлар реизара адепутатс. 2003 шықәса инаркны 2015 шықәсанӡа араион ахадара аинформациеи ауаажәларра рымадареи аҟәша аиҳабыс аус иуан. 2004 шықәса индыркны Гудауҭатәи араионтә алхратә коммисиа напхгара азиуеит.

Ауаажәларратә усура аганахь ала илиршахьоу азы 2012 шықәса рзы ианашьан «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара, ажурналистика аусхк аҟны илшамҭақәа рзы 2013 шықәса рзы ихҵан «Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист» ҳәа ахьӡ ҳаракы

Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла Лаврентии Шьакьыр-иҧа Гәбаз изеиӷьаршьоит агәабзиара, ашықәсынҵыра рацәа, аманшәалара, аихьӡара ҿыцқәа!

Руслан Ҳашыг,
Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла
ахантәаҩы