Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла 70 шықәса ихыҵра аиубилеи идырныҳәалоит «Ахьӡ-Аҧша» аорден а-III-тәи аҩаӡара занашьоу, Аидгыла иалоу Нугзар Нури-иҧа Салаҟаиа.
Нугзар Салаҟаиа данқәыҧшыз инаркны ажурналистика дазҿлымҳан. Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аушьҭымҭа аамҭакала аус иуан Очамчыратәи араионтә газеҭ «Акоммунизм ахь» аредакциаҿы. Анаҩс ижурналисттә ҩымҭақәа лассы-лассы икьыҧхьуа далагеит агазеҭ «Аҧсны ҟап,шь» аҟны. Нугзар Салаҟаиа активла далахәын 70-80-тәи ашықәсқәа рзы ҳтәылаҿы имҩаҧысуаз амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара Убри иахырҟьаны амаҵура змаз ақырҭуа милаҭеилыхыҩцәа длаҧшықәырҵоит, иахьырхәрагьы иашьҭалоит. Ауадаҩрақәа маҷымкәа ихигеит, нас диасует Тҟәарчалҟа, аусура далагоит аҭыҧантәи акьыҧхьырҭаҿы. 1990 шықәса рзы Виктор Кәакәасқьыри иареи нап адыркәеит «Тҟәарчал абжьы» ҳәа хьӡыс измаз агазеҭ ҿыц аҭыжьра, аредактор ихаҭыҧуаҩыс аус иуан.
Н. Салаҟаиа Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан Мрагыларатәи афронт аҿы зҭыжьра аԥшьгаз агазеҭ «Абжьыуаа» аредактор ихаҭыҧуаҩыс дыҟан. Аибашьра ашьҭахь Аҧсны аиҳабыра рнапынҵала Гал араион аҿы 1995 шықәсазы иеиҿикааит х-бызшәакны иҭыҵуа агазеҭ ҿыц «Гал» аҭыжьра, уи агазеҭ аредакторс дыҟоуп.
Илшамҭақәа ҳасаб рзуны 2009 шықәса рзы Нугзар Салаҟаиа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иусҧҟала ианашьан аорден «Ахьӡ-Аҧша» а-III-тәи аҩаӡара. Иара убас изныкымкәа Аҧсны иҟаз абжьаҟазаратә архәҭақәа ркомандаҟаҵара ахьӡала аҳамҭақәа ианашьан.
Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла Нугзар Салаҟаиа ииубилеи идныҳәало изеиӷьаршьоит агәабзиара зҩыда, ашықәснҵыра рацәа, аманшәалара!
Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг