Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Урыстәыла ажурналистцәа реидгылаҟны анапы зҵаҩҩхо аиқәшаҳаҭра аҵакы.
“Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысуеит Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла 100-шықәса ахыҵра аныҳәа иҭагӡаны. Иҳаҩсыз амчыбжь азы Урымтәыла аҳҭнықалақь имҩаԥысуан Амшын Еиқәа иаԥну аҳәынҭқаррақәа ржурналисттә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа реиԥылара. Уи мҩаԥган Жәларбжьаратәи ажурналисттә еиҿкаара анапхгарала, уаҟа иалацәажәан ахеилак аԥҵара. Ҳара инаҳашьҭыз ашәҟәы уи алаларазы иахәаԥшит. Иара ус еиԥш азҵаара ықәдыргылеит Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла анапхгара. Москва аусеицуразы аиқәшаҳаҭра ҳнапы анаҵаҳаҩҩлак, Урыстәылатәи ажурналистцәа Реидгыла ахахьы иагоит Жәларбжьаратәи аиҿкаара ҳалалара ацхыраара аҭара. Аиқәшаҳаҭра анҳабжьаҳҵалак анаҩс аус злоу ҳаԥсҭазаараҿы, ҳусураҟны иааҳарԥшуа агәацԥыҳәара, аидеиақәа, апроектқәа ирыдаҳгало, ҳара иҳадыргало ауп. Ҳара аусура ҳҭахны иаҳзеиҿкаар, хымԥада, иаҳнаҭо рацәоуп”, — ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг.
Аԥсныи Урыстәылеи ржурналистцәа Реидгылақәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит абҵара 14 рзы Москва.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.