Союз Журналистов Республики Абхазия > Новости > Аиубилеи адныҳәалара

Аиубилеи адныҳәалара


04.02.2025

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла илыдырныҳәалоит арҿиаратә еиҿкаара иалоу ажурналист, апоетесса Инна Ҳаџьымԥҳа лиубилеи.
1982 шықәса рзы И. Ҳаџьымба дҭалеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет.
1985 шықәса рзы лҵара иацылҵеит Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет ажурналистика афакультет аҟны.
1994 шықәса рзы аусура далагеит Аԥснытәи Аҳәынҭкарратә телерадиоеилахәыраҿы.
Инна Ҳаџьымба дравторуп ахәаԥшцәа рганахьала азҿлымҳара зауз еиуеиԥшым ателециклқәа: «Ӡыркәи», «Еҵәаџьаа», «Ашьхацамҩа», «Анарха», «Уарада» . Уи лдыррҭарақәа ирымоуп рхатә стиль, егьырҭ ирыламҩашьо азнеишьа, иалылхыз атема ганрацәала аарԥшра.
2018 шықәса рзы илыхҵан «Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.
Инна Ҳаџьымба иҭлыжьхеит лажәеинралаақәа еидызкыло ашәҟәқәа ҩба – «Мрашара», «Арасаӡыхь».
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Инна Ҳаџьымба илзеиӷьаршьоит агәабзиара, арҿиаратә гәацԥыҳәара, аихьӡара ҿыцқәа!