Союз Журналистов Республики Абхазия > Новости > Агазеҭ «Бзыԥ» адныҳәалара

Агазеҭ «Бзыԥ» адныҳәалара


20.10.2026

Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла агазеҭ «Бзыҧ» аколлектив ирыдырныҳәалоит аҭыжьымҭа актәи аномер ҭыҵижьҭеи 95 шықәса аҵра.

1931 шықәса рзы зҭыжьра иалагаз агазеҭ ахьӡ зныкымкәа ирыԥсаххьан. 1931-1932 шықәсқәа рзы уи хьӡыс иаман «Аколлективизациа азы», 1932 — 1950 шықәсқәа рзы – «Бзыԥ ҟаԥшь», 1950 – 1959 шықәсқәа рзы «Аколлективтә џьа».

1965 шықәса инаркны иахьӡуп «Бзыҧ».

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы агазеҭ редакторцәас иҟан Михаил Гарцкьиа, Константин Шьершьелиа, Иван Кәакәасқьыр, Виктор Барцыц, Захар Агрба, Аркади Возба, Арсен Кобахьиа, Енвери Михаили Аҩӡаа, Домна Бахтаӡе, Давид Убилава, Нурбеи Лышәба, Анатолии Возба.

«Бзыҧ» араионтә газеҭқәа зегь рахьынтәи иналукааша аҭоурых амоуп.

1970-80-тәи ашықәскәа рзы уи аҧхьаҩцәа рацәаны змаз ҭыжьымҭан. Избаназр уи адаҟьақәа рҟны иркьыԥхьуан амилаҭтә-хақәиҭратә ҵысра иазкыз аҭоурыхтә-публицистикатә, аналитикатә статиақәа, акритикатә материалқәа, ааҧхьарақәа.

Асоветтә аамҭазы акоммунисттә партиа иҟанаҵоз ацензура иахҟьаны егьырҭ агазеҭқәа рҟны ус еиԥш иҟаз аматериалқәа ранҵара залшомызт.

«Бзыҧ» адаҟьақәа рҟны иркьыԥхьхьан аҧсуа интеллигенциа 1977 насгьы 1988 шықәсқәа рзы Москваҟа ирышьҭуаз ашәҟәқәа, Владислава Арӡынба СССР Жәлар рдепутатцәа Реизара ду аҟны иқәыгылара атекст, уҳәа Аҧсны аганахьала Қырҭтәыла имҩаԥнагоз ақәӷәӷәареи амилаҭеилыхреи аполитика аазырԥшуаз аматериалқәа жәпакы.

Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан «Бзыҧ» аредакциа ацхыраарала араионтә типографиа ахархәарала Гәдоуҭа еиҿкаан агазеҭқәа «Аҧсны» «Республика Абхазиа» рҭыжьра. «Бзыҧ» ахаҭагьы ҭыҵуан есымчыбжьа, уи адаҟьақәа рҟны иркьыԥхьуан афронтқәа рҟны аҭагылазаашьа атәы еиҭазҳәоз аматериалқәа, аибашьцәа иаадырԥшуаз ахамеигӡареи афырхаҵареи ирызкыз астатиақәа, хатәгәаԥхарала Аҧсны иааны еибашьуаз ирызкыз аочеркқәа.

1994 шықәса раахыс агазеҭ аредакторс дыҟоуп Лаврент Гәбаз.

Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла агазеҭ «Бзыԥ» аколлектив ирзеиӷьаршьоит аҭыжьымҭа иамоу атрадициа шьахәқәа реихаҳара, аманшәалара, арҿиаратә еихьӡара ҿыцқәа!

Руслан Ҳашыг,
Аҧсны ажурналистцәа
Реидгыла ахантәаҩы