Союз Журналистов Республики Абхазия > Новости > Адныҳәалара

Адныҳәалара


27.02.2026

Ҳаҭыр зқәу ажурналистцәа, Аҧсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа зегьы! Ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә мшныҳәа!

Жәабран 27, 1919 шықәса рзы Аҧсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа инапхгарала иеиҿкааз агазеҭ «Аҧсны» аҧсуа журналистика уасхырны иазыҟалеит. Амилаҭтә кьыҧхь иааӡеит жәаҩыла ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Агазеҭ “Аҧсны” аредакциа акыршықәса ихадароу ҭыжьымҭаны иаанхон ҳмилаҭ рыхдырра ашьҭыхреи, аԥсшәа аиқәырхареи арҿиареи рус аҟны.
Акьып,хь алагамҭа ҳаракуп ап,суа радиои ателехәап,шреи рзы ажурналистцәа разыҟаҵараҿы. Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа рредакциақәа иналукааша рлагамҭақәа ируакуп иуадаҩыз аҭоурыхтә аамҭақәа раан ҳап,садгьыл аинтересқәа рыхьчара. Убас, Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан, ҳап,садгьыл ахьчаҩцәа инарыдгыланы, ап,суа журналистцәа ирылшоз зегь ҟарҵеит аиааира агаразы. Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара зыршаҳаҭуа ибеиоу аҭынха аҧырҵеит.
Аибашьра ашьҭахьгьы иҟаз ауадаҩрақәа хьаас имкыкәа Аԥсны ажурналистцәа рылшарақәа рызкын аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара аус. Абарҭ атрадициақәа реихаҳара хықәкыс иҟаҵаны Аҧсны раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба 2001 шықәсазы Аусҧҟа ҭижьит Жәабран 27 Аҧсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа ирымшныҳәаны ашьақәыргыларазы. 2019 шықәсазы Аҧсны Жәлар Реизара ақәҵарала ари арыцхә Аҧсны Аҳәынҭқарра аныҳәатә мшқәа рахь иахыҧхьаӡалахеит.
Аҭакп,хықәра ду зцу ажурналист изанааҭ иагьа ихьанҭазаргьы, рзанааҭтә ԥҟарақәа еиламгаӡакәа, ламысла ҳаамҭазтәи аҧсуа ҳәынҭқарра аҭоурых есҽны ирыҩуеит шәҩыла аԥсуа журналистцәа.
Ҳаҭыр зқәу Аҧсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа!
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аамҭа иқәнаргыло аҭахрақәа рҭак аҟаҵараҿы аихьӡарақәа, аманшәалара! Ажәабжь бзиақәа еибаҳҳәалааит!

Руслан Ҳашыг,
Аҧсны ажурналистцәа
Реидгыла ахантәаҩы