Союз Журналистов Республики Абхазия > Новости > Ҳаҭыр зқәу Аҧсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа, агазеҭ «Аҧсны» аколлектив!

Ҳаҭыр зқәу Аҧсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа, агазеҭ «Аҧсны» аколлектив!


27.02.2022

Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахьӡала гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит раҧхьаӡатәи аҧсуа газеҭ «Аҧсны» актәи аномер аҭыҵра амш инақәыршәаны ишьақәыргылоу Аҧсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рымшныҳәа!

Аҧсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа инаҧхгарала иеиҿкааз газеҭ ала ихацаркын аҧсуа милаҭтә журналистика. Агазеҭ «Аҧсны» иуадаҩӡоу аҭоурыхтә мҩа ианысит. Агазеҭ аредакциа иааӡеит жәаҩыла ажурналистцәа, еиднакылеит аҧсуа милаҭтә интеллигенциа. Абарҭ атрадициақәа реихаҳара хықәкыс иҟаҵаны Аҧсны раҧхьатәи Ахада Владислав Ардзынба 2001 шықәсазы Аусҧҟа ҭижьит Жәабран 27 Аҧсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Ирымшныҳәаны ашьақәыргыларазы. 2019 шықәсазы Аҧсны Жәлар Реизара ақәҵарала ари арыцхә Аҧсны аҳәынҭқарра аныҳәатә мшқәа рахь иахыҧхьаӡалахеит.

Ҳаамҭазтәи аҧсуа ҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара аҭоурых зыҩуа аҧсуа журналистцәа, амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аамҭазы хьыӡла-ҧшала рзанааҭтә уалҧшьа нарыгӡеит, аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара зыршаҳаҭуа ибеиоу аҭынха аҧырҵеит. Ажурналист иусура иацу аџьабаа ду иахьмырҧшкәа, ҳзанааҭ амаҵ азызуа зегьы есҽны Аҧсны амшынҵа аҩра шәаҿуп. Ҳажәлари ҳҳәыҭқарреи ламысла рымаҵ аураҿы ишәзеиӷьасшьоит арҿиаратә еихьӡарақәа. Абарҭ амшқәа рзы Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа ралхразы аӡыргара анымҩаҧысуа аҭакҧхықәра ду шаашәырҧшуа агәра згоит. Агәабзиареи агәамчи шәыгымзааит! Ажәабжь бзиақәа еибаҳҳәалааит!

Ҳаҭырла,
Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.