Союз Журналистов Республики Абхазия > Новости > Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла адныҳәалара

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла адныҳәалара


26.01.2024


Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла илыдырныҳәалоит «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара занашьоу, Аԥсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы Емма Адлеиԥҳа лиубилеи.

Емма Қьамал-иԥҳа 1978 шықәса рзы еиҿкааз Аԥсуа телехәаԥшра ахыҵхырҭаҿы игылаз дыруаӡәкуп.
Ателехәаԥшра раԥхьаӡа акәны аефир ахь ианцәырҵыз абҵара 6 акыр зҵазкәа рыцхәны иҟалеит Аҧсны аҭоурых аҿы. Уи ашьақәгылареи аҿиареи зџьабаа ду аду аусзуҩцәа дыруаӡәкуп.

25 шықәса инреиҳаны ҳтәылаҿы имҩаԥысуаз ахҭыс хадакәа ҳажәлар рызнагара иазкыз аинформациатә дырраҭара «Амшеикәшара» амҩаԥгаҩыс дыҟан. Ҧсабарала илымаз абаҩхатәра иабзоураны абри аус аҟны иаалырԥшит зыҩаӡара ҳараку адиктортә ҟазара.

2004 шықәсазы аҧсуа информациатә маҵзура аредакторс аусура далагеит, иахьагьы уаҟа лусуруа иацылҵоит.
Аҧсуа телехәаҧшра ашьақәгылареи аҿиареи рыҟны ллагаламҭазы Е.Адлеиба иланашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара, илыхҵоуп иара убас «Аԥсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Емма Адлеиԥҳа лиубилеи лыдныҳәало илзеиӷьаршьоит аманшәалара, агәабзиара зҩыда, ақәранҵыра ду!

Руслан Ҳашыг,
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы