Союз Журналистов Республики Абхазия > Новости > Гагратәи ателехәаԥшра аиубилеи адныҳәалара

Гагратәи ателехәаԥшра аиубилеи адныҳәалара


13.01.2026

Ажьырныҳәа 13 рзы Гагратәи ателехәаԥшра еиҿкаауижьҭеи иҵит 20 шықәса.

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахьӡала ателестудиа аусзуҩцәа ишәыдысныҳәалоит ари аиубилеитә рыцхә.
Арҿиартә коллектив ииасыз ашықәсқәа рзы рылшарақәа азкын араион аҩныҵҟа имҩаԥысуаз ахҭысқәа ахәаԥшцәа рзеиҭаҳәара, асоциал-економикатә ҿиара иадҳәалоу апроблемақәа рылаҵәажәара, ауааԥсыра рбзазаратә ҭагылазаашьа зхьыԥшу азҵаарақәа рықәргылара, аԥсуа жәлар рҵаси рқьабзи, рҭорыхи, ркәльтуреи рӡыргара.
Ажәабжьқәа рнаҩсангьы ателехәаԥшра аканал аҟны ицоит иналукааша ҳтәылауаа ирызкыу ателепроектқәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа злахә адырраҭарақәа, ауажәларра-политикатә ҭагылазаашьа иазкыу аиҿцәажәарақәа, аспорттә усмҩаԥгатәкәа, аконцертқәа.
Ишәзеиӷьасшоит арҿиаратә гәахәтәыхьӡара, шәылшарақәа реизырҳара, агәабзиара, аихьӡара ҿыцқәа.
Руслан Ҳашыг,
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы