Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла идырныҳәалоит «Агәымшәаразы» амедал занашьоу, Аидгыла иалоу Мизан Ламиа 60 шықәса ихыҵра аиубилеи.
Мизан Ламиа Аҧсуа телехәаҧшра аҟны аусура далагеит данқәыҧшӡаз инаркны – 1985 шықәса рзы, аха авидеокамера шьҭыхны аҭыхрақәа инапы рылеикәуеит Аҧсны Жәлар Рџьынтәылатә еибашьраан.
Ҳажәлар рлахьынҵа ашәарҭара ианҭагылаз Гәымсҭатәи Мрагыларатәи афронтқәа рҿы Мизан Ламиа иҟаиҵаз хыҧхьаӡара рацәала аҭыхымҭақәа аибашьра аҭоурых аазырҧшуа ракәны ателехәаҧшра ахьтәы фонд иазаанхеит. Иус ҟазарала иахьынаигӡоз иабзоураны, урҭ рхы иадырхәон аибашьра иазкны арепортажқәа ҟазҵоз Урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи атележурналистцәагьы.
Аибашьра ашьҭахьгьы Урыстәылеи Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара ахаҭарнакцәеи злахәыз Қырҭтәылеи Аҧсни рыбжьара имҩаҧысуаз аиҿцәажәарақәеи, СНГ абжьаҟазаратә архәҭақәа руалҧшьақәа рынагӡашьеи, Қырҭтәылеи Аҧсни рҳәааҿы аҭыҧ змаз ацәгьоурақәеи уҳәа ирызкыз авидеонҵамҭақәа хыҧхьаӡара рацәала иҭиххьан Урыстәылатәи ателехәаҧшра аинформациатә маҵзура “Вести” аҭыхҩы иаҳасаб ала.
2007 шықәса рзы Мизан Ламиа аусура далагоит ҿыц еиҿкааз ихьыҧшым ателекомпаниа Абаза-ТВ аҟны.
2010 шықәса рзы диасуеитт Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рыхҟьа-ҟҧьақәа раҧырҟәҟәааразы аминистрра ахь, апресс-мазура анапхгаҩыс.
2022 шықәса раахыс аус иуеит Аҧсны жәлар Реизара апрес-маҵзура аҟны.
Аҧсны аиҳабыра Мизан Ламиа илшамҭақәа рыхә ҳаракны иршьеит. 2003 шықәса рзы ианашьан «Агәымшәаразы» амедал, 2017 шықәса рзы ихҵан Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ ҳаракы.
Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла Мизан Ламиа изеиӷьаршьоит агәабзиара зҩыда, аманшәалара, инапы злаку аус аҿы аихьӡара бзиақәа!
Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг